Ана Фотига лҳәамҭала, лара лыҳәарала Европарламент арезолиуциа иалагалоу аҧсахра  ала Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟарҵоит Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхырц
Ана Фотига лҳәамҭала, лара лыҳәарала Европарламент арезолиуциа иалагалоу аҧсахра  ала Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟарҵоит Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхырц

Европарламент алахәыла Ана Фотига лҳәамҭала, лара лыҳәарала Европарламент арезолиуциа аҧсахрақәа алагалоуп. Асоциалтә аҳаҿы Фотига ишылҩыз ала, аҧсахрақәа руакы Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра иазкуп, егьи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызкуп.

Ана Фотига ицәырылгаз адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала,  „Европарламент даҽазнык ааҧхьара ҟанаҵоит  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили агуманитартә дыргала ихақәиҭтәразы, иара убас, Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟарҵоит Саакашвили ашьауҕа иқәхразы илымоу аконституциатә зин лхы иалырхәарц. Уи атәылаҿы аполитикатә полиаризациа армаҷра иацхраауеит“.

Иара убас, Ана Фотига иҟалҵаз ариашарақәа инрықәыршәаны, адокументаҿ  „ҕәҕәала иақәыӡбоит имыпҵахалоу Аҧсны, лымкаала Очамчыра, еснагьтәи амшынтә база аргылара иазку Урыстәыла аплан. Адокументаҿ жәларбжьаратәи аәуаажәларрахь ааҧхьара ҟарҵоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи аилагаразы ахьырхәра иазку аҽазышәарақәа зегьы ирыдгыларц“.