Михаил Саакашвили – Изакәызаалак ҵакык злам аимакқәа ҳарҟәаҵны,  аус аҟаҵара ҳалагароуп,  мамзар апартиа хәыҷқәа абариер изахысуам,  "Аиааира аплатформа" амацара ақәҧареи аиааира агареи ақәшәоит
Михаил Саакашвили – Изакәызаалак ҵакык злам аимакқәа ҳарҟәаҵны,  аус аҟаҵара ҳалагароуп,  мамзар апартиа хәыҷқәа абариер изахысуам,  "Аиааира аплатформа" амацара ақәҧареи аиааира агареи ақәшәоит

Изакәызаалак ҵакык злам аимакқәа ҳарҟәаҵны,  аус аҟаҵара ҳалагароуп,  мамзар апартиа хәыҷқәа 5%-тәи абариер изахысуам,  «Амилаҭтә ҵысра» “Аиааира аплатформа” амацара ақәҧареи аиааира агареи ақәшәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  Михаил Саакашвили.

«Уи аамышьҭахь иҟало шәасҳәар сҭахуп,  избанзар агәра ганы сыҟоуп аиааира шаҳго. Раҧхьа иргыланы,  атәанчаратә кредитқәа ирызку азакәан ҳадаҳкылоит,  избанзар,  уажәтәи азакәан игәымбылџьбароуп. Аҩбатәи  —  ақырҭуаа рыхынҳәра ҳацхраауеит,  ахҧатәи  — абизнес ацхраара афонд еиҿаҳкаауеит. Абизнес маҷ аиҿкааразы аҭагылазаашьақәа аҧаҳҵоит. Анеҩстәи азакәан авалиута аиҭныҧсахлара иадҳәалоуп,  араҟа аспекулиациа иҟамзароуп,  ауаа аҧара дәықәырҵоит,  авалиутақәа зегьы ахархәара рымазароуп. Адгьылқәа зегьы афермерцәа ираҳҭоит,  дара адгьылқәа раахәаразы азинҷыдақәа раҳҭоит.  Анеҩстәи азакәан амнистиа ауп,  уи Саакашвили изыҳәан акәӡам изыҟаҳҵо. Аӡбаҩцәа,  шәара аҕьычразы ауаа азыӡба  рықәышәҵоит,  аха,  арҭ ауаа аханатә аҧсҭазаара иалагарцаз алшара рыҭатәуп. Амиллионқәа зҕьычуа аӡәгьы дрылакьыслам,  уи ибзиаӡаны иаадыруеит», — иҳәеит  Саакашвили.