Михаил Ҟавелашвили – Жәларбжьаратәи аренаҿы ақырҭуа дипломатцәа рыбжьы раҳароуп, дара еилыккаа ирҳәоит Қырҭтәыла адемократиатә, аҭынчратә ҳәынҭқарраҿы анхара агәазыҳәара  ахаангьы мап шацәнамкәа
Михаил Ҟавелашвили – Жәларбжьаратәи аренаҿы ақырҭуа дипломатцәа рыбжьы раҳароуп, дара еилыккаа ирҳәоит Қырҭтәыла адемократиатә, аҭынчратә ҳәынҭқарраҿы анхара агәазыҳәара  ахаангьы мап шацәнамкәа

 

«Иахьа, жәларбжьратәи аренаҿы ақырҭуа дипломатцәа рыбжьы раҳароуп, дара еилыккаа ирҳәоит Қырҭтәыла зхы иақәиҭу,   адемократиатә, аҭынчратә ҳәынҭқарраҿы анхара агәазыҳәара  ахаангьы мап шацәнамкәа», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Адипломат имш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Ахада Михаил Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, адипломатцәа атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара аганахьала ажәларбжьаратәи аренаҿы ароль ду нарыгӡоит.

«Ари амш асимволтә аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, ақырҭуа ашәҟәыҩҩы ду, ауаажәларратә усзуҩи адипломати Сулхан-Саба Орбелиани ихьӡ иадҳәалоуп.

Иара убас, сынтәатәи аусмҩаҧгатә  Қырҭтәыла раҧхьатәи адемократиатә республика адәныҟатәи аусқәа рминистр, Франциа иҟаз Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Акаки Чхенкели игәаларшәара иазкуп.  Сынтәа, раҧхьаӡа акәны, ақырҭуа дипломатцәа иара ихьӡ зху анашьамҭа роуеит.

Иахьа, аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа иаҳа-иаҳа ианыҭбаахо, шәара, адипломатцәа, жәларбжьаратәи аренаҿ Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара аганахьала ароль ҷыда нашәыгӡоит. Аҳәынҭқарра аинтересқәа зыхьчо адипломатиатә корпус ҕәҕәазар, аҳәынҭқарра ахаҭагьы, хымҧада, иҕәҕәазаауеит», — иҳәеит  Михаил Ҟавелашвили.