Михаил Ҟавелашвили ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Константин Қвачакиӡеи, Гиа Маҷараӡеи, Софио Қацаравеи, Давиҭ Меқвабишвилии дырҧылеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Константин Қвачакиӡеи, Гиа Маҷараӡеи, Софио Қацаравеи, Давиҭ Меқвабишвилии рдипломатиатә миссиақәа рахь идәықәлаанӡа дырҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада иадминистрациа.
Администрациа адыррақәа рыла, Михаил Ҟавелашвили адипломатцәа амаҵзураҭыҧ ҿыцқәа раанкылара рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.
Словакиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Константин Қвачакиӡе, Ефиопиатәи ареспубликаҿы – Гиа Маҷараӡе, Исландиа – Софио Қацарава, Ватикан – Давиҭ Меқвабишвили.
Аиҧылара мҩаҧган апрезидент иханаҿ.