Михаил Ҟавелашвили - Ақырҭуааи азербаиџьанааи ҳмилаҭқәа рзы ахадаратә ҵакы змоу апринципқәа рыхьчараҿы еидгылоуп, наҟ-наҟгьы еидгылазаауеит
Қырҭтәыла ахада иаҳасабала раҧхьатәи адәныҟатәи авизит мҩаҧызгоит, сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниорреи реигәыларатә еизыҟазаашьа ҷыдақәеи сара сзы аҵакы ду шрымаз атәыла ахадас саныҟала ашьҭахь хара имгакәа Азербаиџьантәи ареспубликаҿы ари авизит амҩаҧгаразы, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Ильҳам Алиеви иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Ҟавелашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Азербаиџьани аиҩызара ҷыда рыбжьоуп, уи наҟ-наҟ аусеицура иаҳа арҭбааразы ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵоит.
Михаил Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, Аахыҵ Кавказ арегион аконкуренциалшареи аперспективеи аизырҳаразы, аҵакы ду амоуп акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара.
„Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәылеи Азербаиџьани дара-дара рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Ҳаҭыр зқәу ахада уи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Қырҭтәылагьы еснагь Азербаиџьан ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылон“, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада.
Иара убас, Михаил Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҭынчратә еиқәшаҳаҭра апунктқәа зегьы рзы аиҿцәажәаратә процесс ахыркәшара иазыразуп.
„Қырҭтәыла Аахыҵ Кавказаҿ адиалоги, адипломатиеи, ҭынч аицынхареи еснагь иадгылон, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп иҟалоит. Ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызара ҷыдеи еицымҩаҧааго ахшыҩкратә политикеи ҳрегион ароль ииашаны аҳәаақәҵара алшара ҳнаҭеит. Агәра ганы сыҟоуп наҟ-наҟ ҳтәылақәа ақәҿиара ду шрымазаауа, аекономикатә ганахьала иаҳа ишыҕәҕәахо, Аахыҵ Кавказ арегион ашәҭыкакаҷра шеиқәдыршәо. Ҳәажәларқәа, аҳәаанырцәынтә ирыдарцало апсевдо-либералтә принципқәа рыла акәымкәа, рхатә дгьылаҿ, рҵасқәеи ркьабзқәеи рыла анхара алшара роуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳара иҳадҳәаланы иҩбоу астандартқәа рхы иадырхәон, ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара рҽазыркуан. Аха, ҳара абарҭ апроблемақәа зегьы ҕәҕәала ҳарҿагылоит, ҳрегионаҿ аҭычреи аҭышәынтәалареи еиқәҳаршәоит. Иарбанзаалак ахҧатәи амч ҳажәларқәа иаҳа ирзеиҕьу ҳара ҳаасҭа иаҳа еиҕьны иадыруазар ҟалом“, – иҳәеит Ҟавелашвили.