Михаил Ҟавелашвили апаолковник Бесик Қуҭаҭелаӡе ихьӡала Сачхере иҟоу ашьхатә азыҟаҵаратә школ даҭааит
Михаил Ҟавелашвили апаолковник Бесик Қуҭаҭелаӡе ихьӡала Сачхере иҟоу ашьхатә азыҟаҵаратә школ даҭааит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили апаолковник Бесик Қуҭаҭелаӡе ихьӡала Сачхере иҟоу ашьхатә азыҟаҵаратә школ даҭааит.

Атәыла ахада иадминситрациа адыррақәа рыла, атәыла ахада иҧылеит  атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, аинрал-леитенант Гьаргь Маҭиашвилии, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәеи.

Ашьхатә азыҟаҵаратә школ адиректор, аполковник  Иване Цхадаӡе атәыла ахада ашкол аҭоурыхи, амиссиеи, аҳасабтәқәеи ирызкны изеиҭеиҳәеит. Михаил Ҟавелашвили ашкол аинфраструктуреи, анхарҭатә хыбрақәеи, аҵаратә классқәеи ибеит.

Ашкол иҭоу аруаа арбаратә азыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.