Михаил Ҟавелашвили – Аоппозициатә лидерцәа ирзыҟасҵаз ажәалагала уажәгьы амч амоуп, уи рхы иадырхәар, алшара ҿыцқәа роуеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иҳәамҭала, иара аоппозициатә лидерцәа ирзыҟаиҵаз ажәалагала уажәгьы амч амоуп.
Ҟавелашвили ишиәҳаз ала, аоппозициатә лидерцәа ари ажәалагала рхы иадырхәар, атәыла анапхгара ҳреиҕьуп ҳәа ауааҧсыра ирарҳәо зегьы алхрақәа раан ишьақәдырҕәҕәар рылшоит.
„Альтернативтә агәаанагара анаҳҭаху, уи аоппозициаа рҟынтә иҳауроуп. Аоппозициаа русура зегьы абри иазкызароуп, аиҳабыра рҟарҵо ргәаҧхозар, ҳажәлар иаҳа еиҕьу ак рыдаргалароуп. Аиҳабыра раасҭа иаҳа еиҕьны аус ҟарҵар шрылшо шьақәдырҕәҕәароуп. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳара уи еиҧш аоппозициа ҳамам.
Партиақәак алхрақәа рҽалархәразы аполитикатә аӡбара рыдыркылеит. Дара рхала ус рыӡбеит, аха, нас, хықәкыла азакәан еиларгеит. Аҳәынҭқарра арҭ ауаа ҽакала ирызныҟәом, ацәгьаура ҟазҵаз ауаҩы ахьырхәра иҭатәуп.
Еиҭасҳәар сҭахуп, ари ажәалагала ҟасҵеит схатә ҭаххарала, ҳәарада, уи аполитикатә акциоуп. Аоппозициатә лидерцәа ари ажәалагала рхы иадырхәар, атәыла анапхгара ҳреиҕьуп ҳәа ауааҧсыра ирарҳәо зегьы алхрақәа раан ашьақәдырҕәҕәар рылшоит “,- иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.