Михаил Ҟавелашвили – Ҭырқәтәыла иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧган, абри аҩыза аиҧыларақәа реиҿкааразы сраҭабууп
Михаил Ҟавелашвили – Ҭырқәтәыла иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧган, абри аҩыза аиҧыларақәа реиҿкааразы сраҭабууп

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили  Ҭырқәтәыла иофициалтә визит хыркәшоуп.

Михаил Ҟавелаашвили  Ҭырқәтәыла имҩаҧгаз  аиҧыларақәа дрыхцәажәеит ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Ҭырқәтәыла ахадеи Амилаҭтә ассамблеиа ахантәаҩы ҳделегациазы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа еиҿыркааит. Абри аҩыза аиҧыларақәа реиҿкааразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Азҵаарақәа рацәа ҳрылацәажәеит. Агәреибагареи патуеиқәҵареи ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа агәрагара ду сызцәырнагоит. Сара агәра ганы сыҟоуп наҟ-наҟ арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа ишыҕәҕәахо», – иҳәеит Ҟавелашвили.