Мевлед Чавушоӷлу - Ҭырқәтәыла Израиль аҟны адипломатиатә аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара аӡбара аднакылеит
Мевлед Чавушоӷлу - Ҭырқәтәыла Израиль аҟны адипломатиатә аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара аӡбара аднакылеит

Ҭырқәтәыла Израиль аҟны адипломатиатә аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара аӡбара аднакылеит, – иҳәеит Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлед Чавушоӷлу.

Израиль ицо Ҭырқәтәыла ацҳаражәәаҩ ихьӡ хара имгакуа еилкаахоит.

“Ихраиль ацаражәәаҩ иқәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит, Израиль аҟынтә ари азҵааразы апозитивтә ҭак ҳамоуп. Хара имгакуа ҳандидатура ахада идаҳгалоит,” – ааицҳаит Чавушоӷлу.

Израиль ахада Ицхак Ҳерцог иҟаиҵаз аҳәамҭала, ари аекономикатә аизыҟазаашьақәа рырҿиара ирыхәоит.

Ҭырқәтәылеи Израили рыбжьара адипломатиатә аизыҟазаашьақәа аанкылан 2010 шықәсазы.