Мариуполь ахада ихаҭыҧуаҩ – Аурыс ампыҵахалаҩцәа рымшала Мариуполь еибгоу хыбракгьы аанымхеит
Мариуполь ахада ихаҭыҧуаҩ – Аурыс ампыҵахалаҩцәа рымшала Мариуполь еибгоу хыбракгьы аанымхеит

 «Аурыс ампыҵахалаҩцәа рымшала Мариуполь еибгоу хыбракгьы аанымхеит», — иҳәеит  Мариуполь ахада ихаҭыҧуаҩ  Сергеи Орлов.

«Ақалақь  80-90% абомбақәа аларыжьит. Аҧхасҭа змам хыбракгьы аанымхеит. Ахыбрақәа зегьы ирбгоуп ма аҧхасҭа рымоуп», — иҳәеит  Орлов.

Иара иажәақәа рыла, ақалақь аинфраструктура аус ауам, аӡы иҟам.

Ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ ишиҳәаз ала, зыҧшра ҟамҵакәа агуманитартә корридор еиҿкаатәуп.

«Ҳара, ақалақь анапхгара, акоуп иаҳҭаху, агуманитартә корридор аартра, ауаа агуманитартә цхыраара роуроуп.  Аҵыхәтәантәи агуманитартә коллона ҧшьымш амҩа иқәып, аха, аурысцәа, ари аколлона Мориуполь анеира  алшара арҭом», — иҳәеит Мариуполь ахада ихаҭыҧуаҩ.