Мариуполь ахада ихаҭыԥуаҩ -  1200-ҩык ауаа рҽахьырҵәахуаз мариуполтәи атеатр аурыс аруаа абомба ақәрыжьит
Мариуполь ахада ихаҭыԥуаҩ - 1200-ҩык ауаа рҽахьырҵәахуаз мариуполтәи атеатр аурыс аруаа абомба ақәрыжьит

Аурыс аруаа 1200-ҩык рҽахьырҵәахуаз мариуполтәи атеатр абомба ақәрыжьит, аԥсыҭбарақәа ирызку адырра маҟьана ҳамам – аанацҳаит ВВС Мариуполь ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Орлов иҟынтә аиуз аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Мариуполь ахада ихаҭыԥуаҩ ишааицҳаз, урыстәылатәи арратә ҳаирпоан ақалақь агәҭаны иҟоу атеатр абомба ақәнажьит.

Ақалақь Мариуполь иакәшаны  игылоуп Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа, ақалақь аҿы 300000-ҩык рҟынӡа ауаа иҟоуп. Ақалақь аӡы, афымцалашара, агазамам. Аурыс аруаа Мариуполь ашҟа агуманитартә цхыраара инарышьҭуам.