Мариуполь ахада ибжьагаҩ ишааицҳаз, Урыстәыла ақалақь аҿы лаҵара 9 рзы "апарад" амҩаԥгара аҭахуп
Мариуполь ахада ибжьагаҩ ишааицҳаз, Урыстәыла ақалақь аҿы лаҵара 9 рзы "апарад" амҩаԥгара аҭахуп

Урыстәыла ақалақь аҿы лаҵара 9 рзы “апарад” амҩаԥгара аҭахуп, – украинатәи аихқәа рдыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Мариуполь ахада ибжьагаҩ Пиотр Андриушенко.

Андриушенко иажәақәа рыла, ампыҵахаларатә мчқәа ақалақь “ахадас” иқәдыргылаз аколлаборант Константин Ивашьенко “апарад” амҩаԥгаразы импыҵахалоу Мариуполь ацентртә араион арыцқьара алагара адҵа ҟаиҵеит.

“Иҟоу адыррақәа рыла, ампыҵахалаҩцәа “аоперациа ҷыда” иманшәаланы ихыркәшар, лаҵара 9 рзы “аиааира акарнавал” Мариуполь мҩаԥыргар рҭахуп”, – иҳәеит Андриушенко