Мариуполь ауаа ревакуациа иалагараны иҟоуп
Мариуполь ауаа ревакуациа иалагараны иҟоуп

Мариуполь аҭынчуаа алыргоит.  Мариуполь ақалақь ахадара адыррақәа рыла,   атәылауаҩратә хаҿқәа ақалақь иалҵыр рылшоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  12:00 инаркны  21:00-нӡа.

Аҳәамҭа ишану ала,  агуманитартә корридор ала иазҧхьагәаҭоу амаршрут аилагара ҟалом.

Мариуполь аҭынчуаа ревакуациа иацы имҩаҧыргар акәын,  аха,  урыстәылатәи арбџьармчқәа амца аанкылара иазкыз аиқәшаҳаҭра ахьеиларгаз амшала аевакуациа хырҧан.