Reuters -  Азауад  «Азовсталь» аҟынтә аҭынчуаа ревакуациа аанкылоуп
Reuters -  Азауад  «Азовсталь» аҟынтә аҭынчуаа ревакуациа аанкылоуп

Украинатәи абаҕәазатә ақалақь Мариуполь иҟоу азауад «Азовсталь» аҟынтә аҭынчуаа ревакуациа аанкылоуп.

Ари атәы аанацҳаит агентра Reuters.

Ақалақь аофициалтә хаҭарнак уаанӡа ишааицҳаз ала, амҽышазы, автобусқәа рколлона ари араион ианалҵ ашьҭахь, урыстәылатәи арбџьармчқәа «Азовсталь» аихсра  еиҭалагеит.

АИХ адыррақәа рыла, Мараиуполь иалыргаз раҧхьатәи агәыҧ иахьа Запорожие инеир акәын, аха, автобусқәа ари апункт аҟынӡа изымнеит.

Ақалақь ахадара ауааҧсыра ирыҳәеит аҽыҵәахырҭақәа рҿы иаанхарц.