Мамука Мдинараӡе – Ҳара интересс иҳамоуп ҳпозициақаә шеиҧшугьы Америка ахада ҿыц Қырҭтәыла иазкны жәакгьы зырымҳәаз
«Ҳара интересс иҳамоуп Қырҭтәылеи Америкеи рпозициақәа шеиҧшугьы Америка ахада ҿыци уи иадминистрациеи Қырҭтәыла иазкны жәакгьы зырымҳәаз», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе.
Иара иажәақәа рыла, ари азҵааразы аилыркаарақәа ҟарҵароуп «Баиден ицәгьауратә администрациа Қырҭәтыла иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбарақәа уажәгьы амч ахьрымоу атәыла алидерцәа».
«Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп – иахьа ҳтәыла игәаҕьны абас ацәажәара иахьалшо даараӡа ибзиоуп, уи ҳгәы аздууп. Аха, интересс иҳамоуп, ҳареи Америка администарциа ҿыци ҳгәаанагарақәа еиҧшуп, ҳпозициақәа еиҧшуп, дара уажәы излацәажәо аидеиақәа рацәа ҳара заанаҵы ҳрылацәажәахьан. Аха, уезгьы, Америка ахада ҿыци уи иадминистрациеи иахьанӡагьы Қырҭтәыла иадҳәаланы жәакгьы рымҳәацт.
Уи мзызк амазар ҟалап. Аха, ҳара уи ҳаздырӡом. Ари азҵааразы аилыркаарақәа ҟарҵароуп «Баиден ицәгьауратә администрациа Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбарақәа уажәгьы амч ахьрымоу атәыла алидерцәа», — иҳәеит Мдинараӡе.