Мамука Мдинараӡе акоронавирус идбалан
Мамука Мдинараӡе акоронавирус идбалан

Апарламенттә фракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе акоронавирус идбалан. Ари атәы Мдниараӡе асоциалтә каҭа “Феисбук” аҿы ааицҳаит.

“Аҩызцәа, атест сзыҟарҵан, акоронавирус адиагноз сзышьақәдырӷәӷәеит. Гха заҵәык ауп ари зыдхәалоу.

Асабрадақәа хымԥада ныҟәгатәуп, шәхымхын. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы афакт ҿыцқәа рхыԥхьаӡара иазҳаит,” – иҩит Мамука Мдинараӡе.