Мака Боҷоришвили – Европатәи абиурократиа Қырҭтәыла аганахьала рхы иадырхәо иҩбоу астандартқәа зынӡа апрограматика рымам
«Иахьатәи европатәи абиурократиа ҳахәаҧшыр, Қырҭтәыла аганахьала рхы иадырхәо иҩбоу астандартқәа зынӡа апрограматика рымам. Аҟарҵо ашьаҿақәа европатәи аинтерес рнубаалом», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.
Аминистр лҳәамҭала, ари алабҿабара угәы унархьратәы иҟоуп.
«Европатәи абиурократиа Қырҭтәыла аинтересқәа ракәымкәа, рхатә европатәи интересқәа рзырыхьчом. Ҳәарада, уи аизыҟазаашьақәа зегьы цәгьала ирныҧшуеит. Қырҭтәыла — Евроеидгыла иалалар зҭаху тәылоуп; Евроеидгылагьы Қырҭтәыла ари аидгыла иалазар аҭахуп, избанзар, уи ала, рхатә интересқәа рыхьчара рылшоит, ашәарҭадареи аекономикеи аганахьалагьы. Европатәи абиурократиа Қырҭтәыла аганахьалар рхы иадырхәо иҩбоу астандартқәа зынӡа апрограматика рылам», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.