Лондон палестинаа рыдгыларатә акциа мҩаԥысуеит
Лондон палестинаа рыдгыларатә акциа мҩаԥысуеит

ВВС аинформациала, Лондон палестинаа рыдгыларатә акциа мҩаԥысуеит.

Адемонастрациахь зықьҩыла ауаа инеит. Урҭ Палестина абираҟқәеи “Ахақәиҭра Палестиназы, ампыҵахалара ацәгьоуроуп” ҳәа иахьаны абанерқәеи иркуп.

Акциа иалагаанӡа, Лондон аполициа адҵа ҟанаҵеит “Ҳамас” адгылаҩцәа аадырԥшыр, урҭ аанкыларақәа шалаго.