Канада Палестинатәи аҳәынҭқарра азханаҵеит
Канада Палестинатәи аҳәынҭқарра азханаҵеит

Канада Палестинатәи аҳәынҭқарра иазханаҵеит. Канада аҧыза-министр  Марк Карни ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

«Канада Палестинатәи аҳәынҭқарра иазханаҵоит,  иара убас, Палестина еиҧшҵәҟьа Израильгьы аҭынчратә ҧеиҧш аиқәыршәаразы апартниорра аднагалоит», — иҩит  Марк Карни.