Канада Алибералтә партиа аԥыза иалхрақәа рҿы аиааира игеит Марк Карни
Канада Алибералтә партиа аԥыза иалхрақәа рҿы аиааира игеит Марк Карни

Канада Алибералтә партиа аԥыза иалхрақәа рҿы аиааира игеит Марк Карни, уи Џьастин Триудо ицынхәрас аԥыза-министр иԥыҭ ааникылоит.

Канадеи Англиеи рбанк хада ԥасатәи анапхгаҩы Марк Карни Алибеарлтә партиа алхрақәа рҿы абжьқәа 85% иоуит.

Алхрақәа рылҵшәақәа реилкаара ашьҭахь Карни алхыҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит, иқәгылараан уи ЕАШ ахада Дональд Трамп акритика иазиун, Канада ахаан ЕАШ иалалом ҳәа иазгәеиҭеит.

Карни иажәақәа рыла, Трамп иҟны ахәаахәҭратә еибашьраҿ аиааира игоит.

Карни аԥыза-министр иҭоуба иуеит арҭ,  Џьастин Триудо инапынҵақәа анышьҭеиҵо ашьҭахь.