Канада абнатә абылра цәгьа арцәара иаҿуп
Канада абнатә абылра цәгьа арцәара иаҿуп

Канада абнатә абылра цәгьа арцәара иаҿуп. 426 абылра ахыҵырҭақәа макьана ирыздмырцәеит. Reuters адыррала, зегьы реиҳа аҭагылазаашьа цәгьоуп Квебек апровинциаҿы, уи аҵакырадгьыл Франциеи, Испаниеи, Германтәылеи инеизакны рҵакырадгьыл еиҳауп.

Абылрацәахьчаҩцәа ишырҳәаз ала, анеҩстәи амшқәа даараӡа иудаҩхоит.

Абылра амшала аҩадатәи  Квебек аҟынтә  13 нызқьҩык аевакуациа рызуп, аха, ишәарҭоу азонаҿ уажәгьы ауаа иҟоуп.

Канада есышықәса абнатә абылрақәа ҟалалоит, аха, сынтәа абылра зеиҧшҟамлац амасшатбқәа амоуп.  4,4 миллион агектар абылра иаҿуп. Абылра алҩа америкатә ақалақьқәагьы ирхыҵәеит.