"Роитер" - Канада аҵакыраҿ еиҭах абнақәа былуеит, 100 миллионҩык Америка атәылауаа аҳауа ахаҭабзиара иазкны агәҽанҵара роуит
"Роитер" - Канада аҵакыраҿ еиҭах абнақәа былуеит, 100 миллионҩык Америка атәылауаа аҳауа ахаҭабзиара иазкны агәҽанҵара роуит

Канада аҵакыраҿ еиҭах абнақәа былуеит, 100 миллионҩык Америка атәылауаа аҳауа ахаҭабзиара иазкны агәҽанҵара роуит, – аанацҳаит “Роитер”.

Акьыԥхь ишаанацҳаз, 100 миллионҩык Америка атәылауаа  рахь аахьара аҟаҵан адәахьы идәылымҵырц, арыԥҳа чымазарақәеи ареспиратортә чымазарақәеи змоу ауаа асабрадақәа ныҟәыргарц, ахәыҷқәеи зықәрахь инеихьоу ахаҿқәеи адәахьы идәылымҵырц.

“Роитер” аинформациа ала, ЕАШ ақалақь дуқәа – Ниу-Иорки, Чикагои, Филадельфиеии рҿы алҩа ажәҩан ахь акыр иҳаракны ихалеит

Канада ибылхьеит аамиллион гектар абна. Иахьазы амца 477 хыҵхырҭак иҟоуп, урҭ реиҳарак рхылаԥшра алшара иҟам.