Британиа Ду Палестинатәи аҳәынҭқарра азханаҵеит
Британиа Ду Палестинатәи аҳәынҭқарра азханаҵеит

Британиа Ду Палестинатәи аҳәынҭқарра азханаҵеит. Аҧыза-министр Кир Сттармер ари тәы ааицҳаит авидеоааҧхьараҿы.

«Аҭынчра ақәгәыҕра аиҭашьақәыргылареи палестинааи ауриацәеи рпроблемақәа рҭыҧқәҵареи азыҳәан, иахьа Еиду Аҳра аофициалла Палестинатәи аҳәынҭқарра иазханаҵеит», — иҳәеит Стармер.

Уаанӡа Палестинатәи аҳәынҭқарра азхарҵеит Канадеи Австралиеи.