Лондон, Кир Стармер ирезиденциаҿы, ахыхьчара асаммит аҽалархәразы, еиуеиҧшым атәылақәа рлидерцәа еизоит
Ахыхьчара асаммит аҽалархәразы, Лондон, аҧыза-министр Кир Стармер ирезиденциаҿы, еиуеиҧшым атәылақәа рлидерцәа еизоит.
Украина азҵаара иахьалацәажәо асаммит рхы аладырхәоит европатәи алидерцәеи, Украина ахадеи, Канада аҧыза-министри, Еврокомиссиа ахадеи, Европатәи Ахеилак ахадеи. Иара убас, Лондон изыҧшуп Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистргьы.
Европатәи алидерцәа рҟынтә асаммит рхы аладырхәоит Франциа ахадеи, Германтәыла аканцлери, Даниеи, Нидерланди, Норвегиеи, Польшеи, Испаниеи, Финлиандиеи, Швециеи, Чехиеи, Румынтәылеи рлидецәеи.