Ллоид Остин - Аԥыза Ӷарибашвилии атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи ашәарҭадара азеиԥш проблемақәа рыхцәажәареи ЕАШ-и Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорра амч ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥгаз аиԥылареи рзы иҭабуп ҳәа расҳәоит

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Қырҭтәыла аԥыза-министри атәылахьчара аминистри аиԥыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәоит. Остин аҳәамҭа амикроблог “Твиттер” аҿы ҟаиҵеит.

“Қарҭ авизит бзиа ихыркәшоуп. Аԥыза-министр Ӷарибашвилии атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи ашәарҭадара азеиԥш проблемақәа рыхцәажәареи ЕАШ-и Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорра амч ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥгаз аиԥылареи рзы иҭабуп ҳәа расҳәоит,” – иҩит Ллоид Остин “Твиттер” аҿы.

Остин иҳәамҭа ацуп Пентагон авизит инамаданы аланарҵәаз аҳәамҭагьы.

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Атәылахьчара министрраҿ ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Атәылахьчара аминистр Џьуаншуер Бурҷулаӡе диԥылеит. Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистреи ЕАШ атәылахьчара аедпартаменти амеморандум (GDRP) рыбжьарҵеит. Уи хықәкыс амоуп Қырҭтәыла атәылахьчара алшара арӷәӷәара.