Лиз Трасс Британиа Ду аҧыза-министрс далырхит
Лиз Трасс Британиа Ду аҧыза-министрс далырхит

Лиз Трасс Британиа Ду аҧыза-министрс далырхит. Абжьыҭира алҵшәақәа уажәааны ицәырган  британиатәи Аконсервативтә партиа аизараду аҿы.

Уаҵәы аҧыза-министр ҿыц Шотландиаҟа днеины, акралҧҳәыс Елизавета  II дылҧылоит. Аудиенциаҿы акралҧҳәыс аҧыза-министр илыдылҵоит аиҳабыра ҿыц аиқәыршәара.

Лиз Трасс – Маргарет Тетчери Тереза Меии рышьҭахь,  ахҧатәи ҧҳәысуп Британиа Ду аҭоурыхаҿ аҧыза-министр иҭыҧ аанызкылаз.

2015 шықәса инаркны иахьанӡа,   Лиз Трасс,  Аконсервативтә партиантә аҧшьбатәи аҧыза-министруп.