Борис Џьонсон Урыстәыла агәҽанҵара аиҭеит Украина ажәылара акатастрофатә алҵшәа шахылҵуа
Борис Џьонсон Урыстәыла агәҽанҵара аиҭеит Украина ажәылара акатастрофатә алҵшәа шахылҵуа

Британиа Ду аҧыза-министр иҳәамҭала, Урыстәыла ала Украина ажәылара ахьаа дуи ашьакаҭәареи зхылҵуа иџьбароу процессхоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Иара убас, Џьонсон  ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла ибзиаҵәҟьаны еилыркаароуп Украина иажәылар,  Чечентәыла ҿыц шроуа.

Џьонсон ишааицҳаз ала, аҧшыхәаратә дыррақәа инрықәыршәаны, Украина аҳәааҿы игылоуп  60 раҟара аурыс аибашьратә гәыҧқәа, дара мацәысеимҟьараны Украина аахара иазыхиоуп, аха, Џьонсон иҳәамҭала, Украина ажәылара акатастрофатә алҵшәа ахылҵуеит.

Убри адагьы, британиатәи аҧыза ишиҳәаз ала, дара Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа рпакет аус адулара иаҿуп, иара убас, Украина ахыхьчаразы абџьар арҭоит.

Украина аҳәааҿы иҟоу аибарххара амшала, иахьа Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина иҟоу русзуҩцәеи рҭаацәарақәеи Украинантә ралгаразы аӡбара рыдыркылеит.