Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧоит
Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧоит

Борис Џьонсон  Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ азықәҧаразы  Карибтәи адгьылбжьахалақәа рҟынтә дхынҳәуеит. Ари атәы аанацҳаит The Telegraph.

Британиа Ду ҧасатәи аҧыза-министр идгылаҩцәа дырҧылоит жьҭаара 22 рзы.

Аконсерваторцәа рыхәҭак ргәы ишаанаго ала,  Борис Џьонсон иперспектива хшыҩзышьҭра азутәуп.

Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ аанкыларазы  акандидатцәа  100ҩык еиҵамкәа аконсерваторцәа – депутатцәа рбыжьқәа роуроуп.