Британиа Ду аҧыза-министр Украина даҭааит
Британиа Ду аҧыза-министр Украина даҭааит

Британиа Ду аҧыза-министр  Риши Сунак  Украина аҳҭнықалақь Киев даҭааит. Риши Сунак ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

Сунак ишиҩыз ала, ари авизитла даҽазнык ааирҧшыр иҭахын Украина  ацхыраара шынагӡахо.  «Украинаа зегьы ирдыруазар сҭахуп, Британиа, иахьынӡаҭаххо ишәыдгылазаауеит», — иҩит  Риши Сунак.

Уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны, Киев  Сунак ааицҳауеит Украина  2,5 миллиард фунт арратә цхыраара шарҭо. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Украина ашәарҭадара агарантиақәа ирызку ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.