Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧом
Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧом

Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧом.

Џьонсон ишиҳәаз ала,  иара Аконсервативтә партиа алидер иҭыҧ дазықәҧоит.

Британиа Ду ҧасатәи аҧыза-министр иажәақәа рыла,  абжьыҭиразы иаҭаху адепутатцәа рбыжьқәа шимоугьы,  уажәазы  «уи ииашахом», избанзар,  ишиҳәаз ала,   «апарламентаҿ иаку апартиа анумам қәҿиарала анапхгараҭара уадаҩуп».

Борис Џьонсон ишазгәеиҭаз ала, 2024 шықәсазы апарламенттә алхрақәа рҿы аиааиразы ашанс ду имоуп.