Sky News ишаанацҳаз ала,  иахьа Борис Џьонсон инапынҵақәа шьҭеиҵар ҟалап
Sky News ишаанацҳаз ала,  иахьа Борис Џьонсон инапынҵақәа шьҭеиҵар ҟалап

Британиатәи АИХ адыррқәа рыла, иахьа атәыла аҧыза-министр  Борис Џьонсон инапынҵақәа шьҭеиҵар ҟалап.

Борис Џьонсон ҧасатәи ибжьагаҩ ишиҳәаз ала,  аминистрцәа ркабинет амаӡаныҟәгаҩ аҧыза-министр ҿыц иалхра апроцесс еиҿикаауеит.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Бориса Џьонсон иадминистрациа  57ҩык аусзуҩцәа рмаҵзураҭыҧқәа аанрыжьхьеит. Британиа Ду атәылахьчара аминистр  Бен Уоллес иҳәамҭала, иара аҧыза-министр дидгылом,  аха инапынҵақәа шьҭеиҵом.