Лиз Трасс  Британиа ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧоит
Лиз Трасс  Британиа ду аҧыза-министр иҭыҧ дазықәҧоит

Британиа Ду адәныҟәатәи аусқәа рминистр  Лиз Трасс атәыла аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара иазку амарафон лхы алалырхәоит. Ажурналистцәа данрацәажәоз лара ишылҳәаз ала, аиҳабыра рнапхгаҩыс дҟалар, раҧхьа иргыланы, ашәахтәқәа еиҵалтәуеит.

Аконсервативтә партиа алидер иҭыҧазы иқәҧоит  11ҩык акандидатцәа. Алидер иалхра еиҿызкаауа адепутатцәа – консерваторцәа ркомитет еизоит ҧхынгәы 11 рзы.