Лиетуваҿ Қырҭтәыла ахада лофициалтә визит иалагеит
Лиетуваҿ Қырҭтәыла ахада лофициалтә визит иалагеит

Лиетуватәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ахада, Саломе Зурабишвили лофициалтә визит иалагеит. Қырҭтәыла ахада лԥылара ацеремониа Вильниустәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ мҩаԥган.

Вильниустәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла ахада илԥылеит Лиетуватәи ареспублика ахада иканцлер Агила Барџьиене, Лиетуватәи ареспубликаҿ иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Саломе Шаԥақиӡе, арратә атташе Иракли Учаӡе, Қырҭтәыла иҟоу Лиетуватәи ареспублика  ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндра.

Қырҭтәыла ахада лԥылара аофициалтә ацеремониа Лиетуватәи ареспублика ахада ихан аҟны мҩаԥгахоит.

Апланқәа ирылоуп зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Саломе Зурабишвили Лиетува ахада Гитанас Науседа, аԥыза-министр Ингрида Шимоните, Сеим ахантәаҩы Викториа Чмилите-Ниельсен дырыԥылоит.

Қырҭтәыла ахадеи Лиетуватәи ареспублика ахадеи реиԥылара ашьҭахь, аихқәа рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Қырҭтәыла ахадеи Лиетуватәи ареспублика актәи ледии мчыла ихгоу ахаҿқәа рзы украинатәи аибашьраан аадыртыз “Украинатәи ацентр”  иаҭаауеит.