Лиетува адәныҟатәи ауқәа рминистр - Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихы дақәиҭзароуп
Лиетува адәныҟатәи ауқәа рминистр - Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихы дақәиҭзароуп

Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихы дақәиҭзароу –  иҳәеит Лиетува адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергис  иахьа имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.

«Ҳвизит иаамҭаны имҩаҧган. Қырҭтәыла аиҧылара бзиақәа мҩаҧаагеит. Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра ахымҧадара ҳалацәажәеит. Қырҭтәыла аиҳабыра ари азҵаара дараӡа иаргәамҵуеит.

Иара убас, ҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла ароль ҳазааҭгылеит. Шәара, иҵабыргны, абри ахырхарҭала аҧхьагылара шәылшоит, абри ахырхарҭала раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟашәҵахьеит, уи даараӡа сеигәырҕьоит», — иҳәеит Лиетува адәныҟатәи аусқәа рминистр.