Ергнеҭи Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара Ҳельга Мариа Шмид далахәып
Ергнеҭи Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара далахәып Қырҭтәыла визитла иҟоу Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳельга Мариа Шмид.
Аиԥылараҿ аганқәа ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иахәаԥшуеит. Зҵаара хаданы иқәгылоуп де-факто арежим хаҭарнакцәа изакәаным аҭакраҿ ирымоу Қырҭтәыла атәылауаа рахқәиҭтәра азҵаара.
Қырҭтәыла ацентртә напхгара хаҭарнакцәа даҽазнык иқәдыргылоит Заза Гахелаӡе зыԥшра ҟамҵакуа ихақәиҭтәра азҵаара, уи импыҵахало Цхинвалтәи аӡбарҭа изакәаным аӡбарала 12 шықәсатәи аҭакра иқәырҵеит.
Ергнеҭи иҟоуп Заза ГАхелаӡе иҭаацәара алахәылацәа. Аиԥылара иалагаанӡа урҭ Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аналитикатәдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Иракли Анҭаӡе драцәажәеит. Аҭаацәара алахәылацәа аҿагыларатә акциа амҩаԥгара ргәы иҭоуп.
Иахьазы изакәанымкәа иаанкылоуп Заза Гахелаӡеи, Геннади Беставеи, Лаша Хуцишвилии.