Илиа II  Кирилл диҳәеит Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра дацхраарц
Илиа II  Кирилл диҳәеит Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра дацхраарц

 

Қырҭтәыла Акаталикос-патриарх Илиа Аҩбатәи Урыстәыла Апатриарх Кирилл ашәҟәы издәықәҵаны, Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра дацхраарц диҳәеит.

«Шәыҧшьаӡазаара, аҳаҭырқәҵара ду шәзааарҧшны, абри апроблема амшала шәсыргәамҵуеит: ҳара ацхырааразы иҳадҵаалт Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа.  Ҵыҧх, аҧхынразы, Заза Гахелаӡе, иқыҭа иазаиагәаны, аҭоурыхтә абааш Схвилои Цхинвалтәи арегион аҟны аамҭалатәи аҳәааи рааигәара данышәарыцуаз,  аурыс аруаа дааныркылеит.  Ишаадыруа ала, уажәы иара Цхинвалтәи абахҭа дҭакуп,  12,5 шықәса аҭакра иқәырҵеит.  Убри амшала,  иара ихаҭеи, иҭаацәеи, иҧҳәыси исабицәеи арыцҳара иҭагылоуп.  Акы еиҧшымкәа ҳшәыҳәоит Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәреи иҭаацәарашҟа ирхынҳәреи шәацхраарц. Абри азҵаара шыуадаҩу аадыруеит, аха, Гахелаӡе  цасҳәа акәӡам уахь дышнеиз, уигьы иазҧхьагәаҭатәуп.

Иара ихақәиҭтәра ақырҭуа жәлар агәырҕьара ду рзаанагоит. Шәыҧшьаӡазаара, шәара уаанӡагьы абри аҩыза аҭагылазаашьақәа  раан шәҳацхраауан, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, уажәгьы ишәылшо зегьы ҟашәҵап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп  Илиа II  Урыстәыла Апатриарх Кирилл издәықәиҵаз ашәҟәы аҟны.