Зхы иақәиҭу Заза Гахелаӡе Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьл аҿы дыҟоуп
Зхы иақәиҭу Заза Гахелаӡе Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьл аҿы дыҟоуп

Зхы иақәиҭу Заза Гахелаӡе Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьл аҿы дыҟоуп. Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, Гахелаӡе ацентртә напхгара хаҭарнакцәа Ергнеҭи дырԥылеит.

Ергнеҭы иҟоуп Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистр Вахтанг Гомелаурии.

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчра хаҭарнакцәа Заза Гахелаӡе изакәанымкуа 2020 шықәса ԥхынгәы 11 рзы дааныркылеит, 2021 шықәса жәабран 5 рзы уи 12 шықәсеи фымзи аҭакра изакәанымкуа иқәырҵеит.