Карл Ҳарцель  - Заза Гахелаӡе иуацәа дырзыхынҳәит, Евроеидгыла ари апозитивтә хҭыс иахьалахәыз даара саргәырӷьоит
Карл Ҳарцель - Заза Гахелаӡе иуацәа дырзыхынҳәит, Евроеидгыла ари апозитивтә хҭыс иахьалахәыз даара саргәырӷьоит

Қырҭтәыла иҟоу Евроиедгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель асоциалтә каҭаҿы Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра ахҭыс дақәҿиҭит.

” Заза Гахелаӡе иуацәа дырзыхынҳәит. Изакәаным аанкыларақәа аҭыԥ рымамзароуп.   Қырҭтәыла иҟоу анаԥшратә миссиа Евроеидгыла ари апозитивтә хҭыс иахьалахәыз даара саргәырӷьоит,” – иҩит Карл Ҳарцель .

Ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа 2020 шықәса ԥхынгәы 11 рзы Схвилтә абаа аҵакырадгьыл аҿы иаанкылаз Каспи амуниципалитет иаҵанакуа Қвемо Ҷала ақыҭа иқәынхо Заза Гахелаӡе иацы доурыжьит.