Иракли Ҕарибашвили  Карл Ҳарцель ииҭеит Еврокомиссиа азҵаабҕьыц актәи ахәҭа
Иракли Ҕарибашвили  Карл Ҳарцель ииҭеит Еврокомиссиа азҵаабҕьыц актәи ахәҭа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы  Карл Ҳарцель ииҭеит ихарҭәаау Еврокомиссиа азҵаабҕьыц актәи ахәҭа.

«Ҳаҭыр сымоуп Еврокомиссиа азҵаабҕьыц азы иҟаҳҵаз аҭакқәа шәыҭара», —  иҳәеит аҧыза-министр.

Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла ақәҿиарақәа азеиҕьашьаны, ишиҳәаз ала,   абри аҭоурыхтә процесс алахәызаара иара изы ҳаҭыр дууп.

«Ҭабуп ҳәа шәаҳәаны, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, абри аҭоурыхтә процесс алахәызаареи абри ацивилизациатә аӡбара анагӡараҿы шәыдгылареи  сара сзы ҳаҭыр шдуу», — иҳәеит  Карл Харцель.

Аиҳабыра ранапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи иашьашәалоу аусбарҭақәеи интенсивла аусура нарыгӡоит азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа ахарҭәааразы.