Карл Ҳарцели иԥҳәыси авидеонҵамҭа аладырҵәеит
Карл Ҳарцели иԥҳәыси авидеонҵамҭа аладырҵәеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели иԥҳәыс Мете Ҳарцели Қырҭтәыла атәылауаа рзы аԥсшәаҳәаратә видеонҵамҭа аладырҵәеит.

“Хашҭра зқәым ԥшьышықәса рышьҭахь Қырҭтәылантә ҳцароуп. Ари атәылаҿ имҩаԥаагаз ашықәсқәа рзы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Қарҭи арегионқәеи рҿы иаҳбаз аԥхарреи, абзиабареи аиҩызареи рзы. Қырҭтәыла – иҭабуп”, – ааицҳаит Карл Ҳарцель авидеонҵамҭа аҿы.

Карл Ҳарцель Қырҭтәыла атәылауаа иҭабуп ҳәа раиҳәоит. Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, ари иуникалу тәылоуп.

Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, иҳаҩсыз амзазы Евроеидгыла шьақәнарӷәӷәеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива шамоу, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара шалоу.

Карл Ҳарцель Қырҭтәыла Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ аҿы иҿҳәара нҵәеит.