Карл Ҳарцель ишааицҳаз, Европарламент  авебдаҟьа манылаз аматериал Европарламент апродукт акәӡам, уа иаарԥшу алкаа авторцәа мацара иртәуп
Карл Ҳарцель ишааицҳаз, Европарламент авебдаҟьа манылаз аматериал Европарламент апродукт акәӡам, уа иаарԥшу алкаа авторцәа мацара иртәуп

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишааицҳаз, Европарламент авебдаҟьа манылаз аматериал Европарламент апродукт акәӡам, уа иаарԥшу алкаа адокумент авторцәа мацара иртәуп.

Ҳарцель ишааицҳаз, аҳасабырба хықәкыс амоуп, Европарламент алахәылацәа Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьараҭараҿ рыцхыраара.

“Ари аҭҵааратә центр аҳасабырбоуп, уи хықәкыс амоуп Европарламент алахәылацәа Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьараҭараҿ рыцхыраара. Аҳасабырба иазку азҵаарақәа зегьы, иаҳҳәап аполитикатә ма амедиа қәыԥшылараҿ аполиаризациа, азыӡбанагӡара, алхрақәа ирызку азҵаара, адемократиатә институтқәа, арҭ азҵаарақәа зегьы Бриуссель изныкымкәа иқәнаргылахьеит, саргьы изныкымкуа срыхцәажәахьеит. Арҭ азҵаарақәа аус рыдулара, Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны аконсульатциақәа нагӡахоит. Акомиссиа ари аҳасабырба иазку алкаа хара имгакәа ҟанаҵоит. Апроцесс нагӡоит,” – иҳәеи Ҳарцель.

Мшаԥы 4 рзы Европарламент авебдаҟьа ианылеит Қырҭтәыла ассоциирразы аиқәшаҳаҭра анагӡара иазку хавторцәа идырмазеиз аҭҵаара.