Карл Ҳарцель - Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә Украина аԥшыхәратә маҵзура ахарадҵаразы аҭак ҳазыӡырҩит, аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы аҩганк аинформациа аҭныԥсахлара нанагӡароуп, абри ауп аҵак ҷыда змоу
Карл Ҳарцель - Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә Украина аԥшыхәратә маҵзура ахарадҵаразы аҭак ҳазыӡырҩит, аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы аҩганк аинформациа аҭныԥсахлара нанагӡароуп, абри ауп аҵак ҷыда змоу

Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә Украина аԥшыхәратә маҵзура ахарадҵаразы аҭак ҳазыӡырҩит, аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы аҩганк аинформациа аҭныԥсахлара нанагӡароуп, абри ауп аҵак ҷыда змоу, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евреоидгыла ацҳаражәәаҩ Карл Ҳарцель.

Карл Ҳарцель Украина Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа аԥшыхәра маҵзура аҳәамҭа дахцәажәеит. Аҳәамҭа инақәыршәаны «жәларбжьаратәи асанкциақәа рымшала, Урыстәыла, арратәи атәылауаҩратәи азкызаара змоу атауарқәа раиура  алшара ацәыӡит. Асанкциақәа рывсразы, урыстәылатәи агентцәа аконтрабандатә хыҵхырҭақәа реиҿкаара иаҿуп, аконтрабандатә хыҵхырҭақәак Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалсны ицоит. Насгьы, ақырҭуа амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа атәыла аполитикатә напхгара рҟынтә адҵа роуит аконтрабандистцәа ирҧырхагамхарц».

“Украина Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа аԥшыхәра маҵзура аҳәамҭа акрызҵазкуа харадҵароуп. Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә Украина аԥшыхәратә маҵзура ахарадҵаразы аҭак ҳазыӡырҩит, аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы аҩганк аинформациа аҭныԥсахлара нанагӡароуп, абри ауп аҵак ҷыда змоу. Сара схаҭа украинатәи аган ахарадҵара шьақәзырӷәӷәа аинформациа ма аԥшыхәратә материалқәа сымаӡам”, – иҳәеит Ҳарцель.