Украина Атәылахьчара аминистрра – Украина мрагыларатә ахәҭаҿы аурыс  арбџьармчқәа реиҭеихшара хыркәшоуп, дара ажәылара иазыхиоуп
Украина Атәылахьчара аминистрра – Украина мрагыларатә ахәҭаҿы аурыс  арбџьармчқәа реиҭеихшара хыркәшоуп, дара ажәылара иазыхиоуп

Украина Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, атәыла  мрагыларатә ахәҭаҿы аурыс арбџьармчқәа реиҭеихшара хыркәшоуп, дара ажәылара иазыхиоуп. Ари атәы ааицҳаит Украина Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Алеқсандр Мотузаник.

Иара иажәақәа рыла, аамҭакала,  урыстәылатәи арбжьармчқәа аракетақәеи артиллериеи рыла Украина аинфраструктура алахысра нарыгӡоит.

«Аурыс ҳаирпланқәа рхыҧхьаӡара ҩынтә иазҳаит. Ампыҵахалаҩцәа Украина мрагыларатә ахәҭаҿы ажәыларазы рҽазыҟарҵоит», — иазгәеиҭеит Мотузаник.