Келли Дегнан – Заза Гахелаӡе закәандарала иаанкылара  -  угәы ҧызжәаша фактуп 
Келли Дегнан – Заза Гахелаӡе закәандарала иаанкылара  -  угәы ҧызжәаша фактуп 

 

Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан ампыҵахалатә режим ала закәандарала иаанкылоу Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа дырҧылеит.

Аиҧылара ашьҭахь, ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло.

«Заза иуацәа срацәажәаратәы алшара ахьсоуз сеигәырҕьоит.  Заза иаанкылара  афакт ҳгәы ҧнажәоит,  уи алагьы лабҿаба иубарҭоуп Урыстәыла  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы изакәытә хәмарроу имҩаҧнаго.  Абри зегьы ауаа рыҧсҭазаара ианыҧшуеит. Сара даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Урыстәыла Аҧсни Цхинвали рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧырнахроуп», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.