Латвиа ахада - Иацтәи аиԥылара Иракли Ӷарибашвили дахьыҟаз даараӡа ҳгәы иаахәеит, Қырҭтәылазы ҳара ҳаартуп
Латвиа ахада - Иацтәи аиԥылара Иракли Ӷарибашвили дахьыҟаз даараӡа ҳгәы иаахәеит, Қырҭтәылазы ҳара ҳаартуп

Латвиа ахада Еигилс Левистсис иҟаиҵаз аҳәамҭала, иацы Нато асаммит алахәылацәа зегьы ргәаанагарақәа еиԥшын, иаарту ашәқәа рполитика иаанхоит.

Левистсис иажәақәа рыла, ахыхьчаратә аиҿкаара алалара зҭаху атәылақәа гәык ала рыдыркылоит.

Латвиа ахада ишазгәеиҭаз, алианс иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа асаммит аҿы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили дахьыҟаз даараӡа ргәы иаахәеит.

“Иацы Нато асаммит алахәылацәа зегьы ргәаанагарақәа еиԥшын, иаарту ашәқәа рполитика иаанхоит. Иацтәи аиԥылара Иракли Ӷарибашвили дахьыҟаз даараӡа ҳгәы иаахәеит. Абри ала иубарҭоуп Қырҭтәылазы ҳшаарту. Иара убас ҳаартуп Украиназы. Нато иаарту ашәқәа даара ихадоу аппринципуп, избан акәзар Нато ахыхьчаратә аиҿкаароуп. Ахыхьчаратә аиҿкаара алалара зҭаху атәылақәа гәык ала ҳрыдаҳкылоит. Ҳашәқәа аарҭуп. Иацы алахәыла ҿыцқәа – Швециеи Финлиандиеи рызҵаара ҳаӡбеит, урҭ ҳаидгыла иалалеит”, – иҳәеит Латвиа ахада.