Латвиа Адәныҟатәи аусҳәарҭа -  Қырҭтәыла иҵегьы 13-ҩык атәылауаа "Персона нон грата" ҳәа иԥхьаӡоуп
Латвиа Адәныҟатәи аусҳәарҭа - Қырҭтәыла иҵегьы 13-ҩык атәылауаа "Персона нон грата" ҳәа иԥхьаӡоуп

Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр  Баиба Браже асоциалтә ҳаҿы иҟалҵаз аҳәамҭала,Қырҭтәыла иҵегьы 13-ҩык атәылауаа “Персона нон грата” ҳәа иԥхьаӡоуп.

«Латвиатә Ареспублика Аиммиграциа иазку азакәан 61-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, Қырҭтәыла иҵегьы 13-ҩык атәылауаа “Персона нон грата” ҳәа рыԥхьаӡаразы аӡбамҭа сыдыскылеит. Афизикатә хаҿқәа Латвиа аҭааразы аԥкра иҿҳәарадоуп”, – иазгәалҭеит Браже.