Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи ақырҭуа ачынуааи, иара убас, „Альт-инфо“ ахаҭарнакцәеи арҭ атәылақәа рахь анеира азин рымырхит
Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи ақырҭуа ачынуааи, иара убас, „Альт-инфо“ ахаҭарнакцәеи арҭ атәылақәа рахь анеира азин рымырхит.
Латвиа аиҳабыра рыӡбарала, 16ҩык Қырҭтәыла атәылауаа, иҳәаақәҵам аҿҳәарала, ари атәылашҟа анеира азин рымам. Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр ари атәы иҩит асоциалтә аҳа „Х“ аҿы. Иара ишиҩыз ала, ари аӡбара рыдыркылеит Амиграциа иазку азакәан 61-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа иашьашәаланы.
Абри аӡбара иазкны иануп Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра авебдаҟьаҿгьы. Аха, аҳәамҭаҿы ари аҧкра здызкьысло аконкреттә хаҿқәа иарбам.
Иара убас, Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Лиетува 74ҩык Қырҭтәыла атәылауаа ари атәылашҟа анеира азин рымырхит.
„Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи дара ртәылақәа рахь анеира азин змам ауаа рсиа дырҭбаауеит. Ари асиа ианылеит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихадаратә хақәиҭрақәеи реилагаразы аҭак зыҧхықәу даҽа 74ҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Лиетува асанкциақәа ззышьақәнаргылаз ахаҿқәа иреиуп Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭа быжьҩык аӡбаҩцәеи, Қырҭтәыла аӡбаҩцәеи, аполициа аусзуҩцәеи, аполициа ачынуааи. Латвиеи, Лиетувеи, Естониеи „Ақырҭуа гәахәтәы“ рполитика иаҿагыланы иахьагьы апротест ҟазҵо ақырҭуа жәлар ҕәҕәала ирыдгылоит“, – иануп аҳәамҭаҿы.
Убри адагьы, амч аиуит Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр инапы зҵаиҩыз адҵа. Уи инақәырәшаны, ари атәылашҟа анеира азин рымам 55ҩык ақырҭуа прокурорцәеи, аӡбаҩцәеи, аполицаицәеи, апарламент алахәылацәеи, егьырҭ ахаҿқәеи.