Латвиа Аелектронтә аихқәа релектронтә хеилак аурыс ателеканал "Дождь" алицензиа аԥнахит
Латвиа Аелектронтә аихқәа релектронтә хеилак аурыс ателеканал "Дождь" алицензиа аԥнахит

Латвиа Аелектронтә аихқәа релектронтә хеилак аурыс ателеканал “Дождь” алицензиа аԥнахит. Ари атәы аанацҳаит Латвиа ауаажәларратә дырраҭара LSM ахеилак ахантәаҩы Иварс Аболиньш.

Алицензиа аԥыхра мзызс амилаҭтә шәарҭадареи ауаажәларратә аиҿкааразы ашәарҭа ҟалеит.

Ателеканал “Дождь” адырраҭарақәа ааннакылоит ԥхынҷкәын 8 рзы.

Латвиа Аелектронтә аихқәа релектронтә хеилак ахантәаҩы Иварс Аболиньш асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы ишааицҳаз, Латвиа азакәанԥҵара пату ақәҵатәуп. Уаанӡа ахеилак аӡбарала, Ҟрым Урыстәыла аҵакырадгьылс иахьаарԥшыз ахсаала арбареи ажурналист Коростелов иҟаиҵаза ҳәамҭеи рзы, ателеканал “Дождь” аштраф ақәҵан.