Ласло Кевер – Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла ахатә хықәкқәа шынанагӡо, абри ажәашықәса анҵәамҭаз акандидат-тәылақәа зегьы иреиҕьны Евроеидгыла алаларазы ишыхиазаауа
«Аусеицура иазку аҳәаатә еиқәшаҳаҭра аиҩызареи, аусеицуреи, ҳаҧхьаҟа инаҳагӡар иаҳҭаху иаҳзеиҧшу ахықәкқәеи ирызкуп. Иара убас, сара агәыҕра ду сымоуп ари аиқәшаҳаҭра евроатлантикатә интеграциа иазку аусеицуразы апрактикатә ашьаҭас иҟалап ҳәа», — иҳәеит Венгриа апарламент ахантәаҩы Ласло Кевер.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы Ласло Кевер ишиҳәаз ала, апарламенттә дипломатиа ахархәарала, Қырҭтәыла аинтеграциеи, аҿиареи, апрогресси ацхрааразы аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазаауеит.
«Ҳара евроатлантикатә аиҿкаарақәа ралалара аганахьала иҳамоу аҧышәа шәыдаагалоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Венгриа наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Иара убас, Евроеидгылахь аинтеграциеи атәыла иамоу азинқәа ҳаҭыр рықәҵарала ари атәыла аҿиареи ҳадгылоит. Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәеи уи аҭоурыхтә аҿиареи аҽалагалара ҟалом ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Кевер.
Иара иажәақәа рыла, Венгриа ибзианы еилыркаауеит иахьа Қырҭтәыла аҿаҧхьа изакәытә проблемақәоу иқәгылоу.
«Ҳара, Евроеидгыла ҳшалоугьы, абри аҩызаҵәҟьа апроблемақәа ҳамоуп. Ҳара Евроеидгыла аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи апринципқәа ҳрықәныҟәоит. Евроеидгыла аинститутқәа арҭ апринципқәа рыдгылара еиқәдыршәап ҳәа ҳгәыҕуеит. Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәызаара акритериқәа ирышьашәалазароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, аха, арҭ акритериқәа аобиективтә фактқәа рышьаҭала ахәшьара рыҭатәуп. Ҳара Қырҭтәыла аҿиара ишаҿу ҳбоит. Ҳара иҭышәынтәалоу аекономикатә азҳареи аҕәҕәахареи ҳбоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла ахатә хықәкқәа шынанагӡо, абри ажәашықәса анҵәамҭаз акандидат-тәылақәа зегьы иреиҕьны Евроеидгыла алаларазы ишыхиазаауа. Ҳара, ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатә форматқәа рҿы Қырҭтәыла аус ацуреи адгылареи гәахәарала инаҳагӡоит. Гәыкала агәра згоит хара имгакәа Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас ишыҟало, Венгриа еиҧшҵәҟьа амилаҭтә суверинитет иреиҳаӡоу принципс изыҧхьаӡо аҳәынҭқаррақәа ишыруакхо», — иҳәеит Кевер.