Лаша Хуцишвили Азиа аҿиара абанк ахада диԥылеит
Лаша Хуцишвили Азиа аҿиара абанк ахада диԥылеит

Азиа аҿиара абанк адгылара ала, Қырҭтәыла имҩаԥысуа апроектқәеи наҟ-наҟтәи аусеицуреи ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Азиа аҿиара абанк ахада (ADB) Масацугу Асакавеи.

Афинансқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылара ЕАШ, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди Адунеитә банк агәыԥи есашақәсатәи ааԥынратәи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны мҩаԥысит.

Аиԥылараҿ иазгәаҭан Қырҭтәыла аҿаира апроцесс аҿы Азиа аҿиара абанг ароль дц шамоу.

Аиԥылараан аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла аекономика аҭагылазаашьа. Апандемиа иахәамԥшыкәа, атәыла ареформақәа рымҩа́ԥгара шынанагӡаз.